Ақыҭанхамҩатә комплекс "Кындыӷ-агро" аиҳабы Алик Коӷониа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акредиттә ԥара архынҳәразы ирықәу ауал азҵаара иахьазы ишыҟоу, иахьа анаплакы аус шауа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13487-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12905-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 214-ҩык.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. ЕгрыГЕС аусура хацыркхоит мшаԥы 30 - лаҵара 1 ауха.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа Аԥсны АШәМеи Урыстәыла АШәМеи рҳәаахьчаратә усбарҭақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Мшаԥы 2 ауха Гәдоуҭа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит. "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи аҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит алашара арцәара зыхҟьаз, араион аҟны ацәаҳәақәа рыԥсахразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихнартит жә-шықәса зхыҵуа Еллариа Багаҭелиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара. Лара лҭагылазаашьа аиӷьтәразы иаҭахны иҟоуп 233 600 мааҭ.
Ахра Аҩӡбеи уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара амҩаԥгара далахәуп ҳәа ахара ихарарҵоит.
Урыстәыла адунеи аҿы COVID-19 аҟынтә алаҵа ҭзыжьыз тәылоуп. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы, аинвистициақәа Урыстәылатәи рфонд ацхыраарала. Алаҵа "Спутник V" ахьыӡҵан.
Амцакрақәа раан Аҟәа иқәыргылаз агидрантқәа АҶА аусзуҩцәа рус ахьынӡадырманшәало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықьалақь ақалақьи араиони абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа ԥшьҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.