Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14247-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13375-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 221-ҩык.
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист Римма Џьниа арадио Sputnik аефир аҟны рубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит COVID-19 иахҟьаны иахьазы аҵаратә процесс араион аҟны иахьаанкылоу шаҟа школ ыҟоу атәы.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба мшаԥы 13 рзы аҩнытә рбаандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа рхеилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы реицкомиссиа ахԥатәи аилатәара аихшьалақәа рыла ирыдыркылеит 2022-2024 шықәсқәа рызтәи ауснагӡатәқәа Рпрограмма.
Иахьа Ашәҟәы адунеизегьтәи амш ауп. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит иагьа аамҭа царгьы ақьаад иану ашәҟәы аԥхьара ахаангьы иажәраны иҟаӡам ҳәа, убасгьы игәаанагара иҳәеит аԥсышәала аҩышьаԥҟарақәа рзы.
Ԥсоу аӡиас ала Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа 2020 шықәсазы ԥшьымзтәи аркра ашьҭахь нанҳәа аказы иаартын. Аԥсни Урыстәылеи, ДЖәРеи ЛЖәРеи руааԥсыра ԥкрада аҳәаа ахысра рылшоит.
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аџьа аветеран, "Ахьӡ -Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оӷлы сталинтәи арепрессиақәа раан, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз аӡәзаҵәык лакәын. Иахьа лыԥсы ҭазҭгьы, илхыҵуан шәышықәса.
Амилаҭтә культура иадҳәалоу абзиарақәа реиқәырхашьа, аҭаацәареи ахшареи реимадара, ааӡараҟны иҟоу ахьысҳарақәа зыхҟьо ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуеи аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡбеи.
Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Арепатриациа уаанӡатәи аминистр Беслан Дбар иганахьала Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы аусбарҭа Апрокуратура хадахь инанашьҭыз аматериалқәа рҵаҵӷәала.
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә ҟәшақәа аӡынразтәи рҵара-гәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Амчыбжь анҵәамҭазы арратә база адырра ахәшьара ықәдыргылоит. Ауснагӡатәқәа ирыдыԥхьалоуп 1,5 нызқьҩык аруаа, 500 ак арратә техника.
Аԥсны ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥы 23, 2020 шықәса инаркны. Атәыла ахадас дыҟоуижьҭеи иҵит шықәсык, иусураҿы реиҳа иалкаау ахҭысқәа - Sputnik афотоҭыхымҭақәа рҟны.
Аԥсны коронавирус цәырҵижьҭеи еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа миллиардбжак рҟынӡа аԥара ахшәаауп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Арахь иаҵанакуеит абиуџьеттә ԥарақәа реиԥш аԥсуа диаспора еизнагаз аԥарақәагьы.
Ауаажәларратә палата алахәыла, Афон ҿыц иҟоу асасааирҭа ҩны аиҳабы Витали Смыр арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит атуризм аусхк аганхьала иахьазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы.
Ареспублика Ҟрым (Урыстәылатәи Афедерациа) Аминистрцәа рхеилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аицкомиссиа ахԥатәи аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 22 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.