Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14408-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13479-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Гәылрыԥшь араион аизара адепутат, ашьхааӡаҩ Давид Ломиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьхааӡареи, ацха аҭииреи ирыцу ауадаҩрақәа ртәы.
Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа. Аҭаацәарақәа хԥа хыҵакырҭада иаанхеит.
Мшаԥы 13 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара уахыки-ҽнаки рыла х-сааҭк арцәара иалагеит.
Атәыла абжьаратә школқәа рҟны иаҭахума заанаҵтәи арратә ҽазыҟаҵара аурокқәа рымҩаԥгара, ирнаҭоузеи уи аҵаҩцәа, еиқәшәоума ҳашколқәа уи амаҭәар азы, абри атемала арадио Sputnik аефир аҿы еиҿкаан аиҿцәажәара.
Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽымпыл ахәмарра, аҵәы аршәра.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥснынтәи аделегациа Краснодар имҩаԥыргаз аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ртәы.
500 патрон, 17 џьаԥҳани Кәыдры аиҩхааҿы иаадырԥшит арратә усбарҭа аусзуҩцәа. Кәыдрытәи аиҩхаа аӡиас Кәыдры ахыҵхырҭа иаԥнуп.
Аҩбатәи афотоеиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит абҵара 1 азы. Зынӡа 1000 усумҭа нашьҭын.
Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәылахь иаагоу алаҵақәа зызкуи, урҭ арахә рылаҵара ианалаго ртәи.
2021 шықәса аԥхынтә сезон аан Аԥсны миллионк инареиҳаны атуристцәа ирзыԥшуп.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иаҳасабала Москваҟа усутә визитла дцоижьҭеи ари фынтәуп.