Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13510-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 214-ҩык.
Аҽааӡашьа, аҽықәтәашьа, аҽымаҭәа, аҽыуаҩ илеишәа – абри зегь еицрыгашьа рымаӡам, еизакуп. Аҽааӡара акультура аԥсуаа рҿы иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
Амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшьаразы ахарџь иаҵанакуа ахәҭаҷқәа, иара убас аҭаацәа шаҟа мааҭ ирызтәо аԥхын аԥсшьара.
Иахьа имшира азгәеиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Жәлар рартист, арежиссиор, Ахьӡ-аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Шьалуа Ҷыф-иԥа Гыцба.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟарҵеит.
Иахьа 85 шықәса ихыҵит актиор, Аԥсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Шьалуа Гыцба.
Аԥшыхәыҩцәа рҵаратә комплекс ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рҟынтәи аԥышәа шьаҭас иамоуп, азеиԥш маршрут 1000 метра иҟоуп, 23 ԥынгыла ацуп.
Апполон Гәыргәлиа хараны идырҵоит абиуџьеттә ԥарақәа итәитәит, урҭ хықәкыда ахархәара рзиуит, имаҵуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәеит ҳәа.