Мшаԥы 6 рзы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьеит, уи ашьҭахь Қырҭтәыла аҵакыраҿы авольтҳарак "Кавкасиони" авариа аҭыԥ иқәҵан, аха арезерв ҳасабла аус ауеит.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13645-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13101-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 217-ҩык.
Пицундатәи алхратә комисссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭенгьыз Габуниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазыхиоу атәы.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.
Шықәсык ҵуеит Аԥсны раԥхьатәи COVID-19 ахҭыс ашәҟәы иҭагалоижьҭеи. Аҿкычымазара ҳаԥсҭазаара ишаныԥшыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит атәыла ауаажәларратә палата алахәыла Низам Хапат.
Уаҩы дидымҳәыло зхала инхоз аберԥҳәыс Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит.
Мшаԥы 11 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа. Акандидатцәеи алхыҩцәеи рзы ихадароу ҳәа илԥхьаӡо азы лгәаанагара дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат иалахәхоит ареспублика акомандақәа ааба.
Аҿкычымазара COVID- 19 ашколтә ԥсҭазаара иаланагалаз аԥҟара ҿыцқәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ ааӡаратә ус аиҿкааҩ, афизика арҵаҩы Ииа Џьапуаԥҳа.
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада аиуразы реиндаҭлара мҩаԥысраны иҟоуп астадион "Динамо" аҿы.
Жәибыжь шықәса зхыҵуа Максим Гусин ихәышәтәреи апротез изыҟаҵареи рзы еизгатәуп 391 нызқь мааҭ.
Аберԥҳәыс уаҩы дидымҳәыло лхала Аԥсны ақырсиан-ҭыԥқәа реиҳа иԥшьоу ҳәа иԥхьаӡо Каман ахахьы ашьхараҿы дынхон.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Москватәи амашьына-техникатә университет аҭаларазы абитуриентцәа ирыднагало азанааҭақәа ртәы.
Аинвестициатә программала 2020 шықәсазы афымцамч аиӷьтәраз иазгәаҭан араионқәа хԥа: Гагратәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи.