Аӡы аанкылахоит Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциа хада №3 аҟны аӡымҩангага аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.
Аҟәа араион афымцатә цәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәарақәа рырмаҷразы имҩаԥырго аусурақәеи, закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа ззықәгылоу шаадырԥшуа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион аҟәша аиҳабы Даур Ҷыҭанаа.
Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа изылкит "130-ҩык рышәҟәы" знапы аҵазҩыз, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалахәыз Леуанти Гыцба.
Ажәаԥҟа – ажәлар зқьышықәсалатәи рыԥсҭазааратә ԥышәа иахылҵыз, рдоуҳатә еизҳара иалҵшәоу акоуп. Игәаҭ аԥсуа жәаԥҟақәа ахьынӡау(б)дыруа.
Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны - ҳаб игәара, ҳара ҳӡааӡаз - ҳан лгара…" аҭыҵра ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәалатәи еибашьра Аҳәынҭқааратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Никәала Чқәан- еицырдыруа атеатртә усзуҩ, Самсон Ҷанба ихь зху аԥсуа драматә театр арежиссиор, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аконферансие.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Чувашиатәи Ареспубликахь амҩа иқәлеит мшаԥы 4 рзы.
Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Жәлар Реизара адепутатразы азакәан аԥсахрақәа ралагалара иазкны.
Адгьыл ақәаарыхра аҧсуаа рнапаҿы ианаарга аахижьҭеи идырҿиеит еиуеиҧшымыз азгәаҭарақәа, иарбақәан урҭ дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.