Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо ҳәа 2020 шықәса ажьырныҳәамза аахыс дыҟан Беслан Кәыҵниа, ԥхынгәымза 22 рзы иара имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәны Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабыс дҟаҵан.
Аԥсны ахада инапы зҵаиҩыз аусдҵа шьаҭас иамоуп Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 27, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара.
Ҭхьына ақыҭан инхо, арахә ашьхаҟа иказцало Аслан Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шьхацан аныҳәара шымҩаԥиго атәы.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы амазааразы агәаҭара иахысит 72-ҩык.
Сынтәа иҭалоз абитуриентцәа рдыррақәа иаҳа еиӷьзар бзиан ҳәа азгәаҭан ААУ адкыларатә ԥышәарақәа раан, аҵара аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭеи рыспециалист хада Валентина Ҳалбад арадиоефир аҿы илҳәеит уи мзызс иамоу ҳәа лгәы иаанаго.
АУН "Аӡыканал" аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп Аҟәа, Аргәын, Лагәлаа рымҩақәеи, Гәымсҭатәи амҩеи рҟны.
24 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо ауаҩԥсы 12 шықәсеи 300 000 мааҭ ахараԥсеи иқәырҵар илшоит.
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча "Алакә" аиҳабы Лиудмила Ҷкотуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит акарантин ашьҭахь ахәыҷбаҳча аус шауа, сынтәа ахәыҷқәа шаҟаҩы рыдкылара азгәарҭо.
Ԥшьымз раԥхьа, хәажәкыра 28 рзы азинмч аиуит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба атәылаҿы COVID-19 аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалазарц инапы зҵаиҩыз аусдҵа. Уи инақәыршәан иаркын Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа.
Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабыс ҿыц иаҭоу Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы уа имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ахәаша, ԥхынгәы 31 ԥсшьаратә мшны ишьақәыргылоуп. Сынтәа аԥсылман ныҳәақәа ируаку Кәырбанныҳәа (Кәырбан-баирам) Аԥсны иазгәарҭараны иҟоуп ԥхынгәы 31 рзы.
Агәабзиарахьчара аминистрра хықәкылатәи апрограммақәа рҿы иарбаӡам акьыбачымазара змоу ауаа хәшәыла реиқәыршәара, уи мҩаԥызго амедицинатә ԥгаԥса афонд ауп.