Ажәытәан Гәбаадәы инхоз, аха амҳаџьырра иахнагаз Ҵәыџьаа ргәалашәара аҳаҭыр азы, Гагра ақалақьуаҩ Геннади Ҵәыџьба, иаанда аԥхьа рыжәла адамыӷ аҭаны, инапала абааш маҷ иргылеит. Уи збаразы иара иахь сасра сымҩахыҵит. Аԥшәма исзеиҭеиҳәеит аргылара аидеиа шизцәырҵыз атәы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаараҿы иаҳа хшыҩзышьҭра зиҭаз ҭҵаамҭақәак ртәы еиҭеиҳәеит арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Хьӡи-ԥшеи зманы Аԥсны аҭоурых иазынхаз ахаҿқәа рацәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аполитикцәа, аибашьцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, артистцәа, аспортсменцәа уҳәа.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа иқәгылаз аҩыра yeSukhum ықәгахоит Аҟәа ақалақь анапхгара адҵала, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы АУН "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.
Ԥхынгәы 18 рзы Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩра "Арабтә дерби" иалахәын Аԥснынтәи аҽҵарақәа фба.
Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны иаартыз агуманитартә коридор аартын ԥхынгәы 13-17 рзы аамҭала Қырҭтәыла иҟаз Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы.
Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагер сынтәагьы аусура иацнаҵоит. Уи аиҿкааҩ Гәында Еныкьԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алагер азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.
Аԥсуа ҭаацәараҟны хаҵеи ԥҳәыси ррольқәа рзы лхатәы гәаанагарақәак ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Атәым дгьыл ахь ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар рхылҵшьҭрақәа ирызку анҵамҭақәа равтор Сырма Ашәԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа цәа зыҟәну ақыҭа Џьгьарда иадҳәалоу лгәалашәарақәа.