Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин ашьҭахь ахәаԥшцәа ирыдыргало ақәыргыламҭа зызку, аус адулара шцо.
Аԥсны ауааԥсыра рзыҳәан аҩнуҵҟатәи аныҟәарақәа реиҿкаара азҵаареи аџьабаа иацәымшәо ауаа шыҟоу атәи далацәажәоит мышқәак раԥхьа Аҷандара ақыҭа иахьаҵанакуа Ҳабҩы ашьхахь ныҟәара ицаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟны амандатқәа ахьҭацәыз рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҟны ԥхынгәы 12 рзы.
Аҳҭнықалақь ахадара азиндырҩы Аслан Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит зинда Аҟәа ахыбрақәа рыргылара аҭагылазаашьа аԥсахразы ирыдыркылараны иҟоу ашьаҿақәа, насгьы инкыланы хылаԥшрада иҟоу анхарақәа рызҵаара шҳәаақәҵахо атәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика ԥхынгәы 10 рзы 2019 шықәсазтәи адыррақәа цәырнагеит атәыла ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара, аиреи аԥсреи рырбагақәа, иара убас аус зуа шаҟаҩ ыҟоу уҳәа ирызкны.
Аԥсны Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәаскьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәа арҵара арманшәалара иазку аконцепциа "Аԥеиԥш" алагалара ахьазгәарҭо, уи азы лшарас иҟоу.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭазы амедицинатә маруга ҿыцқәа аархәеит Аԥсны анаплакыҩцәа рхеидкыла "Ҳара ҳаидгылоуп", иара убас Москватәи аԥсуа диаспора рхарџь ала.
Аинтеллектуалтә еицлабра "Своя игра" рхы аладырхәыр ҟалоит қәрала еиуеиԥшым ауаа, зынӡа ихәмаруеит 27-ҩык.
Амиф ауаҩы иԥсҭазаараҿы иааннакыло аҭыԥи аҵабыргреи аџьашьахәреи рҳәаақәа реиларсра азҵаарақәа дырзааҭгылоит афольклорист, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.