Аҵыхәтәантәи хәымчыбжь раахыс Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ахҭыс ҿыцқәа аарԥшым.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит ԥхынгәы 28 рҟынӡа.
Асанитартә-епидемиологиатә маҵзура асасааирҭақәа рзы иҟанаҵо абжьгарақәа рықәныҟәара зеиԥшрахо азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит Аҟәатәи асасааирҭа "Гора Баграта" администратор Мадина Чачхалиаԥҳа.
Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭан инхо Еркәыҭ Аӡынба арадио Sputnik аефир, арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит шықәсқәак раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара дшааз, иахьа ибзазашьоу атәы.
Аԥсны апандемиаамҭа иалагӡаны авирус рыдбалан 38-ҩык, 37-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа Аԥсны ашьхааӡара знапы алаку дырԥылеит.
Жәларбжьаратәи ашахматасыҩ имш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәы 20 рзы 1966 шықәса раахыс, Адунеизегьтәи ашахматтә федерациа FIDE) аӡбрала.
Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны Абираҟ амш шазгәаҭахо.
Алада Ешыра иҟаз Асовет Еидгыла Аолимпиатә базаҟны ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥқьаҭасра, агимнастика уҳәа аспортхкқәа рыла аидгыла акомандақәа рҽазыҟарҵон.
Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 49 рыла.
Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба игəалашəара лаша дазааҭгылоит Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.
Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Низам Ҳапат арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.