Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә хҭысқәа зынӡа 57 аарԥшуп.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ААУ абитуриентцәа рыдыркылеит ԥышәарада, абраҟа иазгәаҭатәуп абжаҩык уаанӡа аԥышәарақәа шарҭахьаз. ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы адоцент Диана Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ас еиԥш адҵа аҟаҵара зыхҟьаз.
Сынтәа атуристтә сезон ахьыҟам иахҟьаны, аҿиара иалагеит аҩнуҵҟатәи атуризм. Иҟоуп аекскурсиақәа аԥсышәала имҩаԥызгогьы.
Роспотребнадзор ааусзуҩцәа раара хықәкыс иаман ҳтәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи, аԥсшьаҩцәа рнырхара аобиектқәа ахьынӡазыхиоу агәаҭареи.
Зылшарақәа ԥку Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд 2019 шықәсазтәи аусура аихшьаала аҳасабырба иахәаԥшын иахьа Жәлар Реизара аилатәараҿы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Аграфик ҿыц инақәыршәаны, Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәы рзыршәалароуп амза 25 рзы, аха иҟоу афинанстә проблемақәа ирхырҟьаны нанҳәамза аиҩшамҭанӡа имҩаԥыслоит.
Аԥсны иҟоу атуристтә хеилакқәа руак анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аԥсышәала аныҟәарақәа реиҿкаара нап алыркит.
Атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгара аҵараиурҭа аҭалара аԥҟаррақәа рыԥсахит.
Галтәи агуманитартә коллеџь аҿы абитуриентцәа занааҭқәас ирыдыргало, насгьы сынтәатәи аушьҭымҭацәа рҵарашықәс шхыркәшахаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ари аколлеџь аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Абиуџьет ариашарақәа аҭаххеит абиуџьет аусхк иаҵанакуа аусзуҩцәа ркатегориақәак рулафахәы ашьҭыхразы аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарыдҳәаланы.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟазҵо адокументқәа змамыз ахаҿқәа аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рмаҵзуҩцәа аҵарҭыша рыдыргалон.
Лыԥсы ҭазҭгьы иахьа 55 лхыҵуазаарын аԥсуа поет Саида Делԥҳа. Наунагӡа иқәыԥшны инхаз апоет-қәрахьымӡа ллахьынҵеи лырҿиареи дырзааҭгылоит хаҭала дыздыруаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Арҵаҩы, аметодист, 45 шықәса аҵара-ааӡара знапы алаку Гульнара Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵаразы иҭыҵыз аметодика ҿыц аус шауа.
Асистема ҿыц ауникалра ҳәа иамоу арратә ҷаԥшьареи аҩныҵҟатә маҵзуратә уалԥшьақәа рынагӡареи ирҟәымгакәа аҽазыҟаҵара-ҵара аиқәыршәароуп.
Аԥсны иазгәаҭоуп акоронавирустә инфекциа ахҭыс ҿыцқәа рыҟазаара. Аиҳарак иара зыдбалоу Аҟәатәи ақалақьтәи Ареспубликатәи хәышәтәырҭақәа рҳақьымцәеи рпациентцәеи роуп.