Акоронавирустә чымазара ҿкы зыдбалоу ауаа ирыҿцаауаз рышьақәыргылара иаҿуп уажәы, ахәышәтәырҭақәа рҿы асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥысуеит.
Роспотребнадзор аспециалистцәа Аԥсны Асанэпидемстанциеи, АШәМ аусзуҩцәеи , Аҳазалхратә еилаки аҩ-тәылак рыбжьара аҳәаа аартхозар усмҩаԥгатәқәас инагӡатәу ралгоритм шьақәдыргылоит.
Тҟәарчал араион аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мактина Ҭорҭиаԥҳа арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит араион аҟны Абираҟ амш аҳаҭыр азы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ амш. Сынтәа аныҳәа амҩаԥысшьа, араионқәа рҿы уи аиҿкаашьа, аконцертқәа ирылахәу уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы аиҳабыраҿы акадр ҿыцқәа аиҭеит.
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Светлана Ламиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аколлеџь аҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара шцо, иарбан занааҭқәоу аиҿцәажәарала астудентцәа ахьрыдыркыло, абитуриентцәа разыҟаҵара хәшьарас иалҭо атәы.
Москва Агәабзиарахьчара адепартамент аҭҵаарадырра-практикатә Центр аҿы быжьшықәса зхыҵуа Леон Қриа ихәышәтәразы 250 000 мааҭ аҭахуп.
Ԥхынгәы 22 азы адунеи зегь аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи абокс амш. Абри амш азы Аԥсны имҩаԥыргоит Гьаргь Блаб игәалашәара иазку атурнир.
Еиуеиԥшым атематика змоу аԥсуа жәаԥҟақәа рылацәажәара иацҵо, ахатәы хьыӡқәеи, ажәлақәеи, аҭыԥхьыӡқәеи, ақыҭақәеи ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа рхархәашьеи рҵаки атәы арадо Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.