Гәдоуҭатәи "Аӡыканал" аиҳабы Оҭар Леиба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Қырҭтәылантәи ихынҳәуа атәылауаа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп.
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы 12 миллионҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 6 миллионки 700 нызқьҩык инареиҳаны, рыԥсҭазаара иалҵит 550 нызқьҩык раҟара.
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Аԥсны ахадеи иареи шеиԥылаз, еибырҳәаз, иԥсҭазаараҟны еицырдыруа акаҳуажәырҭа ҭыԥс иааннакыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 87 шықәса ирҭагылоу, "Абыжәырҭа ахада" ҳәа ззырҳәо Леонид Џьениа.
Хнызқьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 8 рзы.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь ирыдыркылеит ассоциациа алахәылак аҳасаб ала ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҟаларц азы ареспублика ажурналисттә еилазаара ҩышықәса аџьабаа адырбалеит.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла рыдыркылеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи Рфедерациа аилазаарахь ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҵакыс иамоу, лшарақәас иаанартуа атәы еиҭеиҳәеит Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилацәажәараҟны ирзааҭгылеит атәыла абанктә система акоронавирустә пандемиа аамҭазы аҿиареи ауааԥсыра акризис аан ацхыраара рыҭареи рызҵаарақәа.
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр иазнархиеит аспектакль ҿыц "Ишьаарҵәыроу ачара", Федерико Гарсиа Лорка ипиесала. Хымзтәи аусура аанкылара ашьҭахь аспектакль ахәаԥшҩы изы ирхиоуп.
Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҟынтәи ибналеит амаамынқәа ԥшьба, урҭ Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт анапхгара 2017 шықәсазы иаархәеит. Дара ауаа рзы ишәарҭам.
Ауаҩ нага, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит уи ибзианы дыздыруаз афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Олег Дамениа.
Хышықәса рыҩнуҵҟа Аҟәа амшын аҿы аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥыргоит. Дара ирылахәхар ҟалоит адуцәагьы, ахәыҷқәагьы. Ииасыз аԥхынразы имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 150-ҩык.
Аԥсни Урыстәылеи Кавказ ашәарҭадареи ахьчареи иаҵанакуа еицырзеиԥшу аҵакыра арӷәӷәара иацырҵоит. Атәылақәа рыҩба рырратә мчрақәа атактикатә бџьар спектр ҭбаала рхы иархәо "аибашьра адәаҿы" еиныруеит.
Аминистрцәа Реилазаараҟны агуманитартә цхыраара азҵаарақәа рзы акомиссиа аусура иалагеит 2003 шықәса рзы.