Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Виссарион Ҵәыџьба иреиӷьу асахьаҭахыҩ ҳәа иалкааз Сабина Кәарҷелиаԥҳа лусумҭа ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥнагеит ԥхынҷкәын 25 рзы. Амшхәаԥштә иаҵанакуан 30 зҵаара.
Аԥсны абнақәа абылра иаҿуп. Абҵарамзазтәи амцакрақәа риааира алыршахеит урыстәылатәи АҶА авиациа ацхыраарала.
Аҟәа имҩаԥысит "Ҟрым-Аԥсны абизнес еиҿцәажәара: ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара" ҳәа захьӡу астол гьежь. Аусеицуразы Жәларбжьаратәи афонд ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит излацәажәоз азҵаарақәа.
2019 шықәса рзы "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ҳәа ирылаҳәаз аиндаҭларахь ицәырган 45-ҩык асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 73.
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟны абнатә мцакрақәа аҭыԥ рымоуп.
Афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны дазааҭгылоит аԥсуара инақәыршәаны ауаҩы ацәгьара дшахьдырхәуаз.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба инапхгарала Аԥсны Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, Агәабзиарахьчара аминистрра рхаҭарнакцәа.
Аԥсны иахьаҵанакуа абылрақәа азгәаҭоуп Аҟәа араион, Очамчыра араион, Гагра ашьхара иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны.
Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҟны самбо азы аҳәсеи ахацәеи рыбжьара алкааратә чемпионат мҩаԥысит Армавир, ԥхынҷкәын 20 - 23 рзы.
Шәача ақалақь аҟны дзиудо азы 2007 - 2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара иаарту аԥхьахәгаразы атурнир мҩаԥысит ԥхынҷкәын 21 - 22 рзы.
Афганистани Аԥсни аибашьрақәа зхызгаз, Агәымшәаразы амедалқәа занашьоу ҩ-еибашьрак рветеран Даур Шьанаа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Афганистан аррамаҵзура шихигоз.
Аԥсаӡқәа раԥхьатәи рпартиа Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаларгалеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ашәҟәы иҭаргалахьеит хә-партиак.
Аҟәатәи абаӷәазахь иааираны иҟоу акруизтә лаинер "Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы.