Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы имҩаԥырго акциа "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа аҳәыси аџьмеи ирыҳәаз ахәыҷқәа шыҟалаз атәы.
Ԥхынҷкәын 23 асааҭ 10:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аусура аихшьаалақәа ирызкны апресс-конференциа.
Аԥсны анарколог хада Ирма Ануаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азылуит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа злаз аконфетқәа ашколхәыҷқәа ирыдыркылеит ҳәа асоциалтә ҳақәа рыла адыррақәа.
Сынтәа заҟа цитрустә шәыр аҳәаа иахыгоу, атәыла анапхгара анхацәа ишрыцхраауа, алимонқәеи амандаринақәеи рҽаҩра аизырҳаразы иҟаҵатәу Sputnik аҟны далацәажәеит Ақыҭанхамҩаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа.
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны иааныркылаз изакәаным аҭаҭынаалыҵ жәа-ҭоԥк ыҟан (100 пачкак, 2000 цыра).
Ԥхынҷкәын 20 Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш ауп. 35 шықәса инарзынаԥшуа ашәарҭадара аус азызухьоу, аподполковник ԥхьатәа, иахьа Гәдоуҭа араион Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Сергеи Чакветаӡе иусура атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Есышықәса ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз имҩаԥыргоит акциа "Ассир ҳамҭас". Зылшара ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит ргәазыҳәарақәа анҵаны.
3000-ҩык рҟынӡа артиллеристцәеи амотохысцәеи аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Аҽазыҟаҵарақәа рыбжакы уахынла имҩаԥган.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭо архивтә документқәа руак инапы аҵаҩуп Аԥсны ЦИК ахантәаҩы Нестор Лакоба.
Аԥсны ашколқәа рҟны ахәыҷқәа анаркотикатә конфеҭқәа раларҵәара аҭыԥ аман ҳәа аудиодырраҭарақәа рыларҵәан ԥхынҷкәын 19 рзы.
Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лцәажәараҿы еиҭалҳәеит иналыгӡахьоу арольқәа дшырзыҟоу.
2006 шықәса рзы ииз рыбжьара раԥхьатәи Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аиааира ахраҿа" мҩаԥысуан аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы ԥхынҷкәын 17 - 19 рзы.
Ԥхынҷкәын 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Пицунда ақалақь администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.