Аԥсуа-австриатә еилазаара еиҿнакааит Аԥсны жәларбжьаратәи аимадара адгылара аҭаразы акомиссиа. Уи инаныгӡо аусура атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Милана Аԥшьаалԥҳа.
Аԥсны Апрокурор хада имаҵура иаҭареи иамхреи мҩаԥысуеит Апарламент аӡбарала, атәыла ахада иҟаиҵаз адгалара ашьҭахь.
Ҭемыр Надараиа Гал араион ахадас дҟаҵан 2014 шықәсазы. 2019 шықәсазы Аԥсны ахада имаҵурахьы даннеи ашьҭахь Надараиа араион ахада иусқәа наигӡон.
Апоет қәыԥш, Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа раԥхьатәи иажәенраалақәа реизга "Иҵәахыз амаӡа" ҭыҵит. Аизга шәықәыршәахаз насгьы, ажәеинраалақәа шыиҩҩуа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Аҟәша зеиԥшроу иаҿырԥшны аӡәаӡәалатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит мызкы инаркны ҩымзынӡа ирыбжьаркуа аамҭазы.
Италиантәи иаагоу апальмақәа Аҟәа Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр инаркны акаҳуажәырҭа "Пингвин" аҟынӡа еиҭарҳауеит.
Аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Бедиатәи ауахәама шыргылахаз, насгьы иара иамоу ашықәснҵыразы иҟоу агәаанагарақәа ртәы.
Иаанкылоу амашьына аҵаҿы ҷыдала аметалл иалхны аҭыԥ ҭацә ҟаҵан изакәанымкәа аалыҵ аҳәаа ахыгара алыршаразы.
Приднестровие иҟоу Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнак Приднестровие-Молдавиатәи Ареспубликаҿы аиԥыларақәа раан дрылацәажәеит аҩганктәи аусеицуреи 2020 шықәсазы апротезҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Нестор Лакоба имузеи аиҳабы Лиудмила Малиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит Сариа Лакоба лхаҿсахьа аҭоурых аҿы Нестор Лакоба иеиԥш ишазаанхо.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Раули Смыр Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵаразы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Гарри Аршба.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов арадио Sputnik аинтервиу аҭо, иҳәеит аԥснытәи аушьҭымҭацәа рзы апрофориентациа шымҩаԥгаз.
Аҟәа ақалақь ахәҭақәак рҟны ԥхынҷкәын 6 асааҭ 12:00 инаркны ԥхынҷкәын 7 асааҭ 20:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит.