Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы, Аҟәа иалҵны Гәдоуҭаҟа инеиз ателехәаԥшра аусзуҩцәа, Лыхнытәи анхаҩы Виктор Ӡиӡариа ишидыикылаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Даур Инаԥшьба.
Адгәыр Агрба икандидатура Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны адгылара арҭеит 25-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит - 6-ҩык.
Аконкурс алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын 16 рзы. Имҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 18 рҟынӡа.
Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит дызлахәыз аиҳабыратә делегациа Ҟрым имҩаԥыргаз аиԥыларақәа рҟны излацәажәаз, акультура аусхк аҟны Аԥсныи Ҟрыми русеицура шылбо атәы.
Тҟәарчал араион аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 24 рзы. Сынтәа ахәыҷқәа 600 рҟынӡа ҳамҭа рзыԥшуп.
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа рыҽшазыҟарҵо.
Арратә база аспортсменцәа разыҟаҵара ҷыдала имҩаԥигоит абаза абаҩырҵәыратә ҽазыҟаҵара аиҳабы Михаил Смолин.
Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡын аамҭа рыҽшазыҟарҵо, Аԥсны ирааӡо аҵиаахк ҿыцқәа шаарго, русуразы ихадаратәны иҟоу ааӡарҭа атәы.
Аруаа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аԥснытәи аполигонқәа Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал иара убасгьы Адыгеиа, Волгоградтәии Астрахантәии аобластқәа рполигонқәа рҿы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит еиҳа иналукааша амчыбжь ахҭысқәа.
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ҳазҭало амчыбжь аҟны иҟалараны иҟоу акультуратә хҭысқәа.