Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" аицлабара алахәхаразы азыҳәақәа зегьы шрыдыркылахьо.
Афон Ҿыц абанкоматқәа рҟынтәи аԥара згаз ацәгьоуцәа рмазара рымхны 10 шықәса рҟынӡа аҭакра рықәырҵар ҟалоит.
Аҟәа ақалақь ахәҭақәак ԥхынҷкәын 24 рзы ӡыда инхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан ишбылуа 20 гектар рҟныӡа абна.
Аҟәа ақалақь аҿы ииашамкәа идыргыло автотранспорт аҿагыларазы апрофилактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥган.
Аԥсны иҟоу аҭҵаарадырреи акультуреи рзы урыстәылатәи Ацентр ареспубликаҿы аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ԥхынҷкәын 23-29 рзтәи акультуратә уснагӡатәқәа.
Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа амцакра шыҟалаз гәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20-ҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәа.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 23 рзы Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит апетардақәа ирыцу ашәарҭара атәы.
Аспорт аветеран Виктор Соснер игәалашәара иазку, итрадициатәу абокс азы атурнир мҩаԥысуан Саратовтәи аобласт ақалақь Маркс аҟны ԥхынҷкәын 18 -21 рзы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит иаҳхысыз амчыбжь азы ареспубликаҿы иҟаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит араион аҿы анхацәа уажәазы ацитрустә шәырқәа аҩынтә раан аизгара ишаҿу.
Москватәи аобласт аҟны аԥхьахәгараз аиндаҭлара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 17 – 21 рзы. Аицлабрақәа ирылахәын 150 спортсмен.
Раԥхьатәи амцакрақәа Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20 амцарцәаҩцәа рыбригада.