Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иқәнагалаз ахәаҷа-маҷақәа рныҵәаразы ианаамҭоу аусурақәа нап шыддыркымыз.
Аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша ауадақәа руак аҿы игылоу адомбеи ахаҭа аҭоурых арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аусзуҩ Асҭанда Смырԥҳа.
Аԥсны ашьауӷатә кодекс аныҟоу аамҭазы ашьоуреи ахалахьырхәреи реиҭаҿиара ҵаҵӷәыс иамоу ҳәа ргәаанагара рҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асасцәа Октаи Ҷкотуеи Омар Џьынџьали.
Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алабораториа ҿыц ирнаҭо алшарақәа ртәы.
Амшын анцәахәы имҵаныҳәара иазку ақьабз уԥылоит иахьатәи ҳаамҭазы ажәлантә рныҳәараҿы. Аха иҟоуп иаҳхашҭхьоу мшынла хьыӡрацара ицоз имҩаԥыргоз аныҳәара. Уи атәы дазааҭгылоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Есма Ҭодуа.
Аӡын раԥхьатәи амш ҳҭалеит. Изеиԥшрахозеи сынтәа аӡын, иазыԥштәума амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿы асы, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиталҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.
Аԥсуаа рҟны жәытәаахыс еиуеиԥшым анцәахәқәа ирымҵаныҳәон. Иҟоуп урҭ рахьтә ажәытәра иагақәазгьы. Ажәытәра иагаз нцәахәқәак рыхҳәаа Sputnik аҟны ишәыдылгалоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.
КВН аԥсуа премиер-лига афинал акы аабатәи ахәмарра алҵшәақәа, насгьы агәыԥқәа рлафҳәашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ахәмарра аӡбаҩ Беслан Хьиба.
Sputnik ишәыднагалоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыҩнуҵҟа иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуаа рыԥҳәысаагашьеи аԥҳәызба лцашьа иадҳәалоу формақәаки.