Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи аконкурсқәеи афестивальқәеи рлауреатцәеи рдипломантцәеи злахәу аҳасабырбатә концерт шымҩаԥгахо, Аҟәа.
Риҵатәи амилаҭтә ареликттә парк Шәачатәи амилаҭтә парки рҵарауаа рекспедициа мҩаԥган Ԥшьегьешьҳа аӡиас аҿы 2017 шықәса рзы.
Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра, араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи Аԥсны анард азы Афедерациеи реиҿкаарала.
Карате-до Шотокан Казе Ха азы ХХ Урыстәыла ахраҿаз аиндаҭлара мҩаԥысит Тула, ԥхынҷкәын 14 - 15 рзы.
Гәылрыԥшь араион акультура аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыцаз араион ауааԥсыра рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрс 2015 шықәса рахыс дыҟоуп Адгәыр Арӡынба.
Аԥсны аҳҭнықалақь агәаны абҵара 22 рзы ақьафурҭа Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ахысра иалҵшәаны хҩык ауааԥсыра ҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Ԥхынҷкәын 18 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҟны имҩаԥгахоит акциа "Агәалашәара амҩа" амҩаԥгара иазку апресс-конференциа.
Аԥсны азауадқәа рыбжьара аԥсыӡкразы аквотақәа шеихшахо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә комитет аиҳабы Амиран Какалиа.
Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа заанаҵтәи рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа иразҵааны еилыркааит еиҳа ргәы зызцаз ахаақәа.
Аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык инарзынаԥшуа "аӷа" дызшьаҟьараны адҵа змоу аԥшыхәратә ҟәшақәа рҟынтәи аруаа. Ахархәара рыҭоуп арԥжәагақәа ИМ-120,адырраҟаҵагатә ракетақәа, 15000 патрон.
Кәыџба-иашҭа ҳәа изышьҭоу аҳәарԥсарра адгьылҵакыра аԥсқьарцәа рҟнытә ишырыхьчо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абнахылаԥшҩы Даур Аиба.
Афон Ҿыц ақалақь аҿы алым хәыҷы ргәыдкыланы аԥсшьаҩцәа афото- авидеоҭыхра иадзыԥхьалоз рсахьа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит, алацәажәара дугьы аман.
Апальмақәа "Вашингтониа", Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ихатә харџь ала аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭаз реиҭаҳара иалагеит ԥхынҷкәын 5 рзы.