Иалшома аҵарашықәс ҿыц азы аԥсышәала иеиқәыршәоу аҭоурых азы арҵага шәҟәы цәырҵыр? Избан иахьа уажәраанӡа ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа ҳҭоурых рхатәы бызшәала изырымҵо? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәаанагара иҳәеит уи асас, аҵарауаҩ, аҭоурыхдырҩы Валери Бигәаа.
Иалшома аҵарашықәс ҿыц азы аԥсышәала иеиқәыршәоу аҭоурых азы арҵагашәҟәы цәырҵыр? Избан иахьа уажәраанза ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа ҳҭоурых рхатәы бызшәала изырымҵо? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәаанагара иҳәеит уи асас Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Аӡиас Мҷышь иатәу Оҭҳаратәи акалмаҳааӡарҭа шаԥҵаз аҭоурыхи, уадаҩрақәас изықәшәахьоуи, иара убас иахьатәи аԥсҭазаашьеи ртәы Есма Ҭодуа ланҵамҭаҟны.
Кындыӷтәи аӡырԥхақәа абар шьҭа 12 шықәса ҵуеит аҭыԥантәи ауааԥысреи ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәеи аднакылоижьҭеи. Иара аӡәырҩы рзы бзианы ибаны изҭаауа ҭыԥны иҟалеит. Уи аусура шеиҿкаау атәы, насгьы аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны ирҭааз рхыԥхьаӡара атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рҿы аус зуа Џьулетта Чҟониаԥҳа.
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иацылҵоит аԥсуаа наџьнатә аахыс ирымаз ажәаҳәара атрадициа дуқәа ирызку ланҵамҭа.
Ажәытә аԥсуа занааҭқәа ирхыԥхьаӡалоу ашьхааӡара иахьагьы хшыҩзышьҭра азҭо аҿар ҳамоуп. Урҭ рхыԥхьӡараҿы дыҟоуп Бзыԥҭатәи аҩхааҟны 15 шықәса раахыс ари анаплакы зырҿио, заалыҵ уажәшьҭа аӡыргара иазхьаам, аха зҭоурых шәзеиҭаҳҳәо Дмитри Кокосқьериа.