Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкааз, насгьы шаҟаҩык рхы аладырхәыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы иаартыз аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа алахәыла Ахра Амҷба.
Аԥсны Жәлар реизара ахантәаҩы Валерии Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Ҭырқәтәыла Аԥсны атәыла ахадақәа иалхрақәа рымҩаԥгара ахьалмыршахаз гәалас ишимоу атәы.
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҩҳәынҭқаррак рзы ҵакыс иамаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Нугзар Ашәба.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25 рзы, рыбжьы арҭеит 66,55% алхыҩцәа.
Алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниа иоуит 21,97% абжьқәа, Рауль Ҳаџьымбеи иареи Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ахь инеит.
Аԥсны иазгәарҭоит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 11 шықәса аҵра.
Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысызи, аԥыжәара зауз, аҩбатәи атур анымҩаԥгахо атәы Sputnik аматериал аҿы.
Урыстәылеи Аԥсныи ҳаамҭазтәи реизыҟазаашьақәа рыҿиашьазы арадио Sрutnik аефир аҟны ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш ныҳәазы игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.
Заатәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа раан рыбжьы арҭеит 86 нызқьи 138-ҩык алхыҩцәа, азеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи уи иартәеит 66,55%.
Ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны, акака алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аартымызт.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит.
Заанаҵтәи аихшьаалақәа рыла аԥыжәара имоуп Рауль Ҳаџьымба, уи ишьҭанеиуеит абжьқәа рхыԥхьаӡарала рацәак еиҩызымго Алхас Кәыҵниеи Олег Аршбеи.
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара анаиуз аамҭазы Урыстәыла напхгара азҭоз реиԥш иахагыламызҭгьы, ус еиԥш шалмыршахоз.
Нанҳәа 26 рзы жәеиза шықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи. Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәеи ажурналистцәеи ари аҭоурыхтә мшы ргәаладыршәоит.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысроуп актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.
Акандидатцәа рыштабқәа рҟынтәи заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥыжәара имоуп.
Уаанӡа акандидат Кәыҵниа иштаб аҿы аҳәамҭа ҟарҵахьан Рауль Ҳаџьымба аԥхьа дышнеиуа, аха акандидат Олег Аршба иаасҭа Алхас Кәыҵниа абжьқәа имоуп ҳәа.
Алхас Кәыҵниа иалхратә штаб иҟанаҵаз заанаҵтәи адыррақәа рыла иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иаасҭа еиҳа абжьқәа маҷны иоуит, аха акандидат Олег Аршба иаԥигеит.
Заанаҵ иҟаҵоу адыррақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рахь абжьаҭаҩцәа рааира иартәеит 56%, ас еиԥш ахыԥхьаӡараан алхрақәа официалла имҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп.