Алхратә комиссиа хада адырра ҟанаҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит ҳәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи макьана ихарҭәаау адыррақәа ыҟам, аха еилкаауп 56% инареиҳаны рыбжьы шарҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.
Аԥсны ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа рыбжьы шырҭиизи урҭ ргәалаҟазаара зеиԥшрази Sputnik аматериал аҿы.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит 35 алхырҭа ҭыԥ хадақәа рҟын иҟоу 152 алхырҭатә ҭыԥ рҟни Москвеи Черкесски иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҟни.
Германиеи Австриеи рҟынтәи анаԥшыҩцәа Тҟәарчали Очамчыреи рраионқәа рҟны жәаба рҟынӡа алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 121 нызқьи 627-ҩык ыҟоуп, ахарҭәаагатә сиаҿ иануп 2702 алхыҩцәа.
Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит алхрақәа иарбан тәылазаалакгьы хьаада имҩаԥысуеит ҳәа шузымҳәо.
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ахҳәаа риҭеит аинтернет аҿы ицәырҵыз алхрақәа реихшьаалақәа.
Аԥсны АКХ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла асааҭ 15:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 39,14% алхыҩцәа.
60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсныҟа иааит атәыла ахада иалхрақәа ирылахәхаразы.
Гагра араион аҟны ихарҭәаау асиақәа налаҵаны, 14 сааҭынӡа рыбжьы арҭеит 8197-ҩык алхыҩцәа.
Уаанӡа, асааҭ 12:00 рзы рыбжьы арҭахьан Аԥсны 19% атәылауаа.
Аԥсны ахада иалхрақәа амҩаԥысра иаҿуп амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Аԥсны - 152, Москвеи Черкесски - акака.
Аԥсны алхыҩцәа ргәыӷрақәа здырҳәало атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара мҩаԥыргараны иҟоуп 121 627-ҩык ауааԥсыра, асиацҵақәа ирнуп 2702–ҩык алхыҩцәа.
Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҳәынҭкарратә ахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык инареиҳаны азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аԥсны ахада иалхрақәа раан.
Урыстәыла иахьаҵанакуа Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшоит алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҟны: Москвеи Черкесски. Алхырҭатә ҭыԥкәа рыҩбагьы аатит асааҭ 8.00 рзы, русура хдыркәшоит 20.00 рзы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны ахада иалхраан Аԥсныҟа иааз, ареспублика аполитикатә мчрақәа зегьы аҭынчра аадырԥшырц аҳәара ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы Виачеслав Цыгәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа крызҵазкуа хҭысны ишыиԥхьаӡо.
Москва ақалақь аҿы Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит еилагарада, аҭагылазаашьа аԥхарра аҵоуп. Аҭыԥ аҿы хылаԥшра руеит Аԥсны ААР аусзуҩцәеи москватәи аполициа ахаҭарнакцәеи.
Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хацыркхеит амҽыша, нанҳәа 25 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы. 50-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа иашьклаԥшраны иҟоуп.
Аԥсны АКХ атәыла ахада иалхрақәа рцашьа атәы еиҭеиҳәеит.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ирҳәеит ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьала шаҟа процент алхыҩцәа рыбжьы рҭихьоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, урҭ 35 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа Аҟәа ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ хада 7 ахь иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ 3 аҟны асааҭ 12:05 рзы.
Аусеицуразы Жәларбжьаратәи фонд ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ныҳәак еиԥш дышрыхәаԥшуа.