ConIFA алахәылаҩцәа иааицуа ашықәс аламҭалаз еизаны ирыӡбоит Адунеи ачемпионат – 2020 ахьымҩаԥысша атәыла.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу атәы.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны нанҳәа 21 асааҭ 19:00 рзы ахәаԥшцәа иддырбоит Адгәыр Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль "Ромеои Џьулеттеи".
Хра злоу ахҭысқәа - иалкаау аполитикатә, асоциалтә, акультуратә хҭысқәа. Ҳара урҭ ҳрылацәажәоит, ахәшьара аҳҭоит, алкаа рзыҟаҳҵоит.
Хәшәылеи амедицинатә маҭәашьарқәеи рыла аиқәыршәаразы агәабзиарахьчара аминистрра аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аҟны иҳәеит араионқәа рҟны амедицинатә ҭыԥқәа русушьа шеиҿкаау.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара иалхрақәа ҟалоит атәыла араионқәа зегьи Москва, Черкесск, Сҭампыл ақалақьқәеи рҟны нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы.
Ашәахьа, нанҳәа 26 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысраны иҟоуп Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазку аконцерт.
Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реидгыла ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ҳтәылаҟны ашәарыцаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит иара убас ашәарыцаразы иахәҭоу ашәҟәқәа ртәы дазааҭгылеит.
Ақәыршыҩқәа ирыхҟьаны Гагра араион Чагрыԥшь ақыҭа иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә мҩаду ахәҭа азганк ҿыбгеит.
Адгьыл ауаҩы ишизыбзиоу еиԥш, изԥырхагогьы ыҟоуп рҳәоит. Иаҳҳәап аӡәы лассы-лассы амашәырқәа дрыниоит. Ус еиԥш иҟаз адгьыл изыразхаразы дырныҳәон.
Нанҳәа 16-18 рзы Ҩыԥсара аӡиас аҟны имҩаԥысит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ДЖәР, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟынтәи 20 команда инареиҳаны излахәыз Аспиннинг ала аԥсыӡкразы Аԥсны иаарту ачемпионат.