Астолтә ԥкьаҭмпыл азы афедерациа ахада Беслан Қарчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны Аҟәа имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи атурнир ҽааны еиҳа амҽхак ырҭбааны амҩаԥгара ахәҭаны ишиԥхьаӡо.
Иааидкыланы асиахь иаҵанакит 595-ҩык ауааԥсыра. Азеиԥшшәара иартәоит хә-миллион мааҭ инареиҳаны аԥара.
Керч ахақәиҭтәразы 1942 шықәса рзы иҭахеит 110 нызқьҩык ауааԥсыра, итҟәан 170 нызқьҩык асолдаҭцәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зыҷкәынцәа алахәыз Роза Гогьиаԥҳа Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз изеиҭалҳәеит лхәыҷқәа рҭоурых.
Мышқәак раԥхьа Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа, ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит. Аахыҵ Уаԥстәыла нанҳәа 30 шьыжьынӡа уи ықәгазарц адҵа ҟанаҵеит, аха Қырҭтәыла ишыҟац иннажьит.
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аԥхынтәи асезон еихыршьаалеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы нанҳәа 30 рзы.
Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш азы Аҟәа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз аибашьцәеи иҭахаз афырхацәеи. Иахьа уажәраанӡа хабарда ижьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоу Алхас Гәылариа иаҳәшьа Рафида арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит лашьа иӡбахә аҟамзаара иахәыҽны ишамоу.
Аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакраҿы иаадыртуеит цәыббрамза анҵәамҭазы.
Нанҳәа 30 рзы лыԥсы ҭазҭгьы 60 шықәса лхыҵуазаарын атлетика лас азы аԥсуа спортсменка, аҵәы аршәразы 1980 ашықәсазтәи аолимпида араӡны амедал иаԥсахаз, ҩынтә Асовет Еидгыла иачемпионхахьаз Саида Гәынба. Еицырдыруа аԥсуа спортсмен арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дылгәалалыршәоит Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы Аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.
Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку астол-ԥқьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥысит Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Аспорт ахан аҿы.
Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла аекономика аминистр Мухаммад Самер Хали реиԥылара мҩаԥысит Дамаск, нанҳәа 27 рзы.