Иабанӡаԥхашьароу ахәыҷы аҭаацәара иалымиаара? Ҳәаак амазароума уи аҩыза ашьаҿа згәаӷьыз ан лықәыӡбара? Абри имариам азҵаатәы азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Асҭанда Ҳашԥҳа.
Иабанӡаԥхашьароу ахәыҷы аҭаацәара иалымиаара? Ҳәаак амазароума уи аҩыза ашьаҿа згәаӷьыз ан лықәыӡбара? Абри азҵааразы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ашәҟәыҩҩы Дмитри Габалыиа.
Деметр Лакоба 167-шықәса ихыҵреи, уи иԥа – аԥсуа жәлар рмилаҭтә фырхаҵа Уасил Лакоба диижьҭеи 122-шықәса аҵреи инамаданы, ҳазааҭгылоит урҭ рҭоурых.
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақалақь- фырхаҵа абзазара аиӷьтәразы иалыршоу аусурақәа ртәы.
Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны аԥсуаа рлагалеи, уи ралахәра шыҟалази аҭоурых дазааҭгылоит аҭоурыхдырыҩ Сослан Салаҟаиа.
Апоет Иван Миқаа ипоезиа аизга "Имыцәац акәицқәа" аӡыргареи, автор 70 шықәса ихыҵра азгәаҭареи мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭ библиотекаҿы.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Тугуш арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аалыҵ бзиоу ицәгьоу иаармарианы излеилукааша атәы.