Аԥсныи Шьамтәылеи р-Олимпиатә комитетқәа рыбжьара напаҵаҩуп Аилибакаарази аусеицурази амеморандум. Ари аиқәшаҳаҭра лшарақәас иаҳнаҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аолимпиатә комитет аиҳабы Валери Аршба.
"Афымцаҭира" 2019 шықәса ажьырныҳәа 21 инаркны аамҭала иааннакылеит афымцамч ахархәаразы азинҷыда аҭара, абонентцәа реиҭаҭаҩра инадҳәаланы.
Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аизгара аус шцо атәы.
16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара Приволжиатәи Афедералтә округ аԥкьаҭ асразы хаҭала-командатә еиндаҭлара мҩаԥысит хәажәкыра 15-17 рзы, Чебоксары.
Хәажәкыра 16-17 рзы Сыктывкар имҩаԥысуан зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир.
Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты адкыларазы раԥхьатәи алҵшәақәа зеиԥшроу.