Ҭҟәарчал имҩаԥысуаз карате сито-риу азы Аԥсны ачемпионат иалахәын атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҟнытә 200-ҩык рҟныӡа аспортменцәа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз, ачемпионат аӡбаҩ хада Алик Гәарамиа.
ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ихьӡ зху ауадаҿы изҭаху зегьы арҿиаҩы изку адыррақәа роурц шрылшо.
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа данлыҿцәажәоз дазааҭгылеит амузеи аусура шеиҿкаауи, анҭыҵ иамоу аимадарақәеи, насгьы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы.
Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ешсоу Гәыргәылиа арадио Sputnik аефир аҟны сынтәатәи аура зеиԥшроу атәы далацәажәеит.
Акыр шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара иааз Муҳаррем Аҭрышбеи, иԥсадгьыл аҿы илахьынҵахаз Асҭанда Џьапуаҧҳаи дрыҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
"Адунеи ааҳәит" — рҳәоит џьара иԥсабаратәым хҭыск ианалацәажәо. Ус сҳәар сылшоит саргьы, нхара иаҳзааз аҳәыҳә "Снежок" ахымҩаԥгашьа анызба.
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы идырбахоит Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи акомедиатә театр ақәыргыламҭақәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит атеатр асахьаркыратә напгхгаҩы Сырбеи Сангәлиа.