Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Лиудмила Џьынџьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ахатәы бызшәа амдырра ашколаҿ иахылҿиаауа ауадаҩрақәа ртәы.
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Лиудмила Џьынџьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ахатәы бызшәа амдырра ашколаҿ иахылҿиаауа ауадаҩрақәа ртәы.
Аԥсны ашьапылампыл Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра хыркәшахеит, уи шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik Аԥсны ахәмарра шаанҵәазҵәҟьа иазеиҭеиҳәеит акоррепондент Бадраҟ Аҩӡба.
1970 шықәсазы Ҳараз Чамагәуа, ақырҭуа еиҳабыра аҿагылара ширҭозгьы, имҩақәа шыршәаҳауазгьы, ижәлари, ихатәы бызшәеи, иҵаси, икультуреи рахь имаз абзиабара аӡәгьы дзазымиааикәа, ивагылаз иҩызцәа апатриотцәеи иареи ирылшеит акурорттә қалақь Гагра агәҭа аԥсуа школ аргылара, аартра, ахәыҷқәа радыԥхьалара.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 1,5 нызқьҩык аррамаҵзурауааи 400 ак рҟынӡа арратә техникеи.
Самбо азы аветеранцәа рыбжьара Марокко имҩаԥысуаз Ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Борис Багаҭелиа арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицоз аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ачемпионат аҿы аԥхьахәтә ҭыԥ агара шыҟалаз атәы.
Паратхеквондо азы адунеи ачемпион Леон Ҵәыџьба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Даӷьысҭан аиқәԥара шымҩаԥигаз, Урыстәыла ҩынтәны дачемпионхарц азы.
Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежьиа ҩымзуп аҽазыҟаҵарақәа дырҿуижьҭеи. Иара Урыстәыла хынтә иачемпионхахьоу Константин Питернов диндаҭлараны дыҟоуп.