Аԥсны ахада аекономика азҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Амиран Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны-урыстәылатәи афорум хра злоу аусны дзахәаԥшуа атәы.
Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" аҿы Аҟәатәи "Ахшзауад" аалыҵ ахарҵәы ахьтәы медал иаԥсахеит, иара убасгьы анаплакы иҭнажьуа ашә араӡны амедал анашьахеит. Аԥсны аекономика аминистрраҿы аҳәынҭқарратә наплакқәа ҳәаақәҵаразы аспециалист хада Аслан Жанаа еиҭеиҳәеит ацәыргақәҵаҿы зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ шалырхуа атәы.
Жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысыз аҽаҩраҭагалара аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны.
Аҽаҩраҭагалара иазку аныҳәа ду Лыхнашҭа ишымҩаԥысыз, уи сынтәа ҷыдарас иамаз атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит аныҳәа иалахәыз акоррепондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" аилахәыра "NEM Россиеи" рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра IX Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭеиҳәеит афорумқәа лҵшәас ирымоу атәы.
Анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭеиҳәеит афорумқәа лҵшәас ирымоу атәы.