Аԥстәқәа адунеизегьтәи рымш азгәарҭоит жьҭаара 4 рзы. Иарбан аԥстәқәоу аԥсуаа еиҳарак иалыркаауаз, иарбан ҭыԥу урҭ рыԥсҭазаараҿы иааннакылоз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аетнолог Цира Габниаԥҳа.
Иахьатәи аҟазареи арҿиаратә уси акритика ахьрыгу ицәырнаго ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониа.
Гәдоуҭа араион аҿы, жьҭаара 3, асааҭ 17:15 рзы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит.
Аԥсны косики карате Афедерациа апрезидент Демис Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит, аҭыԥҳацәа ари аспорт хкы бзиа баны рыҽшазыркуа.
Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит иахьа ақалақьқәа зырԥшӡо аҵла дуқәа аныӡӡаар шалшо.
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны иазӷәеиҭеит Ҭаҭарсҭан имҩаԥысуа ансамбль ақәгыларақәа ақәҿиара шрымоу, ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапы шеинырҟьо.
Гәдоуҭа араион аҿы, ахаша, асааҭ 18:00 рзы амҩатә машәыр ҟалеит