Москва иаатит агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018". Аԥсны астенд шеиҿкаау, аҭааҩцәа зызҿлымҳау атәы арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа изеиҭалҳәеит Москва иҟоу Sputnik ажурналист Алина Жьиԥҳа.
Дарбанызаалак ауаҩы, иара ихатәы лахьынҵа шизшоу еиԥш, Аԥсадгьыл иамоуп иара ахатәы разҟы, ахатәы лахьынҵа, изнысхьоу аҭоурыхтә мҩа, иацтәи, иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра.
Аԥснытәи анаплакыҩцәа рхы аладырхәуеит агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018".
Гал араионаҿ амандарина ааӡарҭа змоу Генрих Ҭыжәба арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит сынтәа ацитрусттә шәырхкы аҽаҩра акырӡа ишеиӷьу иҳасҩыз ашықәс аасҭа.
Неит Диас жьҭаара 6 рзы Хабиб Нурмагомедов иҵахаз Конор Макгрегор ҩынтә диндаҭлахьан.
IX Аԥсны-урыстәылатәи афорум мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, жьҭаара 12 рзы.
Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартын 1961 шықәса рзы, 1975 шықәса рзы иара иаднакылеит раԥхьатәи атуристцәа.
Ауаҩытәыҩса иԥсихикатә гәабзиара адунеизегьтәи амш аҽны Ареспубликатә ԥсихикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Георги Кәартаа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иусура аҷыдарақәа ртәы.
Аԥсныи Урыстәылеи русеицуразы ажәбатәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит жьҭаара 12, ахәаша. Афорум иаҳнаҭо, уи амҩаԥгара аҭахны изыҟоу атәы Sputnik арадио аҟны дырзааҭгылеит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Заур Шьалашьаа.
Акциа "Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" мҩаԥысуеит Аҟәа, мжьҭаара 15-19 рзы.
Ажурналистцәа рфорум "Вся Россия – 2018" аҿы аԥсуа фотосахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа цәыргоуп. Афорум мҩаԥысуеит жьҭаара 6-12 рзы.