Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҳәеит сынтәа аҳәаа иахыгахо ацитрустә аалыҵқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишацло иҳаҩсыз ашықәс аасҭа.
Ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа реиԥшымзаареи, урҭ рымҩаԥгара иаҵоу акәамаҵамарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентрр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Ауаажәларратә усзуҩ Окҭаи Ҷкотуа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иазгәеиҭеит нхара ҳәа Аԥсныҟа иаауа ҳџьынџьуаа ацхыраара анрырҭо, аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәы рмыхьыртә еиԥш ишыҟаҵатәу.
Аԥсабара иамоу амалқәа иреиуоу адоломит ҳәа изышьҭоу ахаҳә, Тҟәарчал араионаҿ аҭгара рҽазыркырц ргәы иҭоуп, аха уи азы иаҭахуп афинанстә цхыраара, абри атәы лҳәеит Ҭҟәарчал иҟаз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.
Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит – аквалификациа аиуреи аиԥхныҩларақәа ҩбеи, жьҭаара 20 рзы, Шәача.
Дзыҵырхуааз аҭаца аихац, избан лара акәакь дызкҿадыргылоз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны афеир аҟны еиҭеиҳәеит ААУ аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуа.
Адкылара мҩаԥыргоит аҳақьым-маммологцәа, лор-онколог, агинеколог, ауролог, агематолог, ацитолог, УЗИ аппарат аус адулаҩцәа.