Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыша рзы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ртәы дазааҭгылеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны зыԥсадгьыл иазыгьежьыз, Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳаԥаҭ.
Аԥсны инхои анҭыҵ иҟоу ҳауаажәлари убри ааҟара еимадазароуп, мызкы ахь аӡәы идамхаргьы Аԥсныҟа нхара диасыртә еиԥш, абас игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ԥасатәи анапхгаҩы Хьрыԥс Џьопуа.
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы аибашьра амцашыра изалымҵеит. Аамҭакы ашьҭахь иҟалеит маӡала ақәҵра зылшаз, убас аиҭныԥсахлара иақәшәаз. Усҟан аӷа имацәаз иҭакыз апоетесса Белла Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара ишацырҵоз.
Избан ала аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭаҿы аҭыԥ ду зааннакыло, насгьы ирацәаны ажәабжьқәа ари аԥстәы изазку, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә ҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа.
Жьҭаара 6 рзы, иҵит 26 шықәса Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи.
Адыга культура жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥысит 2018 шықәса жьҭаара 2-6 рзы, Адыгатәыла 27 шықәса ахыҵра аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсныҟа иаагоу ацхыраара лас амашьынақәа еиқәыршәоуп зда-ԥсыхәа ыҟам агәы чымазаразы ихәарҭоу амаругақәа рыла. Арҭ амашьынақәа ирыбзоураны иалыршахоит ачымазаҩ ирласны ацхыраара иҭара ҳәа азгәеиҭеит ацхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьопуа.
Хәҩык апоетцәа злахәыз апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Ахәылԥаз еиҿылкааит апоетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниаԥҳа.