Ирҭиилар аума алимитқәа рыла аҳәаанырцә аҵара зҵарц зҭаху аҿар аԥсуа бызшәазы аԥышәара, абри азы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аҩадатәи Ешыра ашкол адиректор Рузанна Шларԥҳа.
Ирҭиилар аума алимитқәа рыла аҳәаанырцә аҵара зҵарц зҭаху аҿар аԥсуа бызшәазы аԥышәара, абри азы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аҵареи аҵарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны, лаҵарамза инаркны, рашәарамза агәҭанӡа, есымчыбжьы ауарӷатә концертқәа мҩаԥысуан. Ҳазҭоу амза анҵәамҭа инаркны, аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара, есыҽны аклассикатә музыка аконцертқәа рҭаара.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ацуныҳәара амҩаԥгашьа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ииз аҭыԥҳа Мрамза Ҷкәатуаԥҳа, Ҭырқәтәыла, қәҿиарала иреиҳау аҵараиурҭа далганы, иахьа лхы-лгәы дақәгәырӷьо лыԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Лара лаб, Оқтаи Ҷкәатуа, Аԥсны ибзианы деицырдыруеит Ҭырқәтәылантәи раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ иаҳасаб ала.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ииз аҭыԥҳа Мрамза Ҷкотуаԥҳа, Ҭырқәтәыла, қәҿиарала иреиҳау аҵараиурҭа далганы, иахьа лхы-лгәы дақәгәырӷьо лыԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Лара лаб, Оқтаи Ҷкотуа, Аԥсны ибзианы деицырдыруеит Ҭырқәтәылантәи раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ иаҳасаб ала.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.