Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аҿы иҳааӡоу ахәыҟаҵаҩцәа ҳмилаҭтә чысхкқәа рыҟаҵашьа адагьы, рҭоурых реилҳаркаауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аколлеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба.
Аԥснынтәи аинерттә материалқәа Урыстәылатәи Афедерациахь рынашьҭра алыршоуп Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.
Адунеизегьтәи ашьапылампылтә Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәача еизгоу Португалиеи Испаниеи ркомандақәа рыхәмарра лабҿаба избаз Асҭамыр Ахба, арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит астадион аҿы аҟазаара зеиԥшроу.
Аԥсны Аекономика аминистрраҿ 2018 шықәса рашәарамзазы аусура хацнаркит атәылауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ахьынарышьҭша "горячая линия" захьӡу аимадаратә цәаҳәа.
Жәаа шықәса инареиҳаны амотоцикл иақәтәоу адукат Асҭамыр Зарандиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари атранспорт бзиа ишибаз.
Казань ақалақь аҿы рашәара 15 -17 рзы имҩаԥысуаз "Корэш" ала адунеи ачемпионат аҿы иқәгылон 150 рҟынӡа аспортсменцәа Урыстәылеи, Европеи, Америкеи рҟынтәи.
Ахәыҷтәы коллективқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Кит" мҩаԥысуан рашәара 12 - 16 рзы Санкт-Петербург.