Сабуа: Аԥсны имаҷым ашәарҭара зцу, амшын уҭалар ахьыҟамло аҭыԥқәа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зшәагаа маҷу амшын ӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит амшын иагаз ҩыџьа арԥарцәа рыԥшааразы аусура шцоз.