Дбар: Шьамтәылаа ирхыргаз бзианы ирдыруеит, уи аҩыза иахысыз аԥсуа жәлар
Шьамтәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара иазку митинг аҟны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар иазгәеиҭеит Шьамтәыла ажәлар ирхыргаз арыцҳара бзианы еилазкаауа шракәу аԥсуа жәлар.