Кавказ аԥхьагылара змоу аблогерцәа иреиуоу аҭоурыхдырҩы, ажурналист Давид Дасаниа Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит амассатә информациатә хархәагақәа рыбжьара аблогерцәа рҵакы иаҳа-иаҳа ишыӷәӷәахо. Рашәара 14 рзы аблоггерцәа Жәларбжьаратәи рымш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сергеи Габниа Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Станислав Говорухин Аԥсны иҭихыз афильм "Робинзон Крузо" аҟны раԥхьаӡа акәны каскадиорс ихы шааирԥшыз. Урыстәыла Жәлар рартист, арежиссиор, асценарист Станислав Говорухин аԥшьашаҽны идунеи иԥсахит.
Есышықәсатәи аклассикатә музыка афестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицундатәи ауахәама, аконцерттә зал аҟны.
Адонор адунезегьтәи имш аҽны Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьа адкыларҭа аҟәша аиҳабы Светлана Кобешавиӡе Sputnik аинтервиу аҭо еиҭалҳәеит иахьазы Аԥсны аҩныҵҟа адонарра аҭагылазаашьа шыҟоу.
Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Аботаника аинститути адҵа риҭеит рашәара 30 рҟынӡа иаздырхиарц ареспубликатә трассеи аҳҭнықалақь апаркқәеи рыриаҵәара апроект.
90 шықәса раԥхьа идунеи иԥсахит апоет гәлымҵәах Иуа Абас-иԥа Коӷониа. Апоет ирҿиамҭақәеи, реиуареи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла, рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.
Кындыӷ ақыҭан аусура алагара иазырхиоуп ацха арыцқьареи аихшареи рзауад маҷ.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.