Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩы ииашан иацәажәаша ҳақәшәароуп ҳәа агәаанагара имоуп арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә палата анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Даниил Убириа.
Аԥсуаа рысысдкылашьа аҽаԥсахуа иалагеит ҳәа агәаанагара лымоуп арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, хаҭалатәи анаплакҩы Наталиа Боџьгәуаԥҳа.
Зқәыԥшра шықәсқәа инадыркны зыжәлар ринтересқәа ирзықәԥоз, ианаҭахха, хамеигӡарала абџьар шьҭыхны аӷацәа ирҿагылаз, агәаӷь зызҭоу аԥсуа хацәа иреиуоу, аибашьра аветеран, аҩбатәи агәыԥ аинвалид, Леон иорден занашьоу Џьамал Барцыц иаҳзеиҭеиҳәеит, ақырҭцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, ҳмилаҭра анырхәаҽуаз, аҿагылара арыҭаразы имҩаԥыргоз акциақәа ртәы.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зшәагаа маҷу амшын ӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аӡҭалара иацу аԥҟарақәа ртәы.
Аҧсны ақалақьқәа зегь рҟнеиҧш, иахьа Пицундагьы иамоуп ахатәы уадаҩрақәеи аихьӡарақәеи. Урҭ ҳаиҿцәажәараҟны дырзааҭгылеит хы-мыз раҧхьа ақалақь ахадас иалхыз Нодар Рауф-иҧа Ванаба.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.