Иҳаҩсыз амзазы, хымчыбжь Ҭырқәтәыла Сергьегьиаа рҭаацәара сасра сырҭан. Уахь снеиаанӡа, сҩызцәа аҳәара сырҭеит, аԥсуа џьықәреи ажәла рызназгарц. Лӡаа ақыҭан инхо сҩыза Беслан Амԥар, иреиӷьыз аџьықәреи алаԥҟьақәа ицаҟынтәи исзалиԥшаан, Ҭырқәтәылаҟа амҩа сықәлеит "амхы аарыхразы".