Ахҭырԥа еиқәнархаз абиԥара
Дыҟамзар ҟалап Мгәыӡыхәа қыҭауаҩык, 90 шықәса зхыҵуа Тарас Шьатыгә-иԥа Ажьиба дыззымдыруа. Унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо, ахшара рацәа зааӡаз, амоҭацәа ирыгәҭылакыу, нхарала аӡә иашьҭахь игылам, ашәышықәса иазааигәахаз абырг ихшыҩ ҵарӡа иҟоуп. Ихатә жьираҟны иҭаацәа шиныҳәо еиԥш, Ацуныҳәақәа раан иуаажәлар рныҳәарагьы инапы ианызаап.