Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәазы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡаа Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы агәаанагарала иреиӷьу арҵаҩы ҳәа лыӡбахә ҳәоуп. Арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы лара иазгәалҭеит, ҳџьынџьуаа аԥсушәа дырҵаразы лхатәы методика шлымоу.
"Аԥсны иахьаҵанакуа аидарамҩангага транспорт хархәага дуқәа рныҟәараҿ аԥкрақәа ралагаларазы" адҵа анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны атранспорт азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциеи, араионқәеи, ақалақь Аҟәеи рхадацәеи.
Аԥсыӡкҩы Кәынач Бҷиа Sputnik аефир аҟны иҳәеит игәы иақәшәо, иԥсыршьаганы ииԥхьаӡо аԥсыӡкра иабзоураны аҩызцәа ирҳаит ҳәа.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Guarap Hall аҟны еиҿкаау SputnikFanZone аиҳабы Алхас Манаргиа еизаз ирыдиныҳәалеит Ақалақь Амш.