Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәазы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡаа Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы агәаанагарала иреиӷьу арҵаҩы ҳәа лыӡбахә ҳәоуп. Арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы лара иазгәалҭеит, ҳџьынџьуаа аԥсушәа дырҵаразы лхатәы методика шлымоу.