Аԥсны ихыркәшахеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху амҵышәымпыл азы жәларбжьаратәи атурнир. Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнак Жанна Занҭариаԥҳа.
Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи адиректор Џьамбул Инџьгьиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеи раԥхьатәи амисс Қьериман Ебжьноу лҭоурых.
Екатеринбург ԥхынгәы 14 рзы имҩаԥысраны иҟоу апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҿы аԥснытәи аспортсмен Игор Адлеиба диандаҭлараны дыҟан Қырҭтәыла аспортсмен Мераб Туркаӡе.
Аҟәа имҩаԥысит астол гьыжь, анаркоманиа апроблемақәа ирызкны. Аилацәажәара иалахәыз иазгәарҭеит апроблема аӡбразы ишхымԥадатәиу акомплекстә программа.
Ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ркоманда алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рашәара 23 рзы рышьҭамҭа ыӡит Таиланд. Дара 7 километрак иҟоу аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.
Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа Sputnik аефир аҟны илҳәеит Аҟәа ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рышәҵатәы азы еилацәажәаны аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа.
Ԥхынгәымза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Иорданиатәи Хашимиттә кралра аҟнытә аделегациа идикылеит.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.