Аԥсаатә рыла иаарԥшу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Акоронавирустә ҿкы аҟынтәи алаҵа "Спутник Лаит" ҟарҵахьеит х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, алаҵаҟаҵара хацыркын нанҳәа 10 рзы.
Ашьхеи ашьхааӡареи рзы азгәаҭарақәа азкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз еиҭеиҳәеит сынтәа аԥхын акурорт аамҭа шырхыргаз, аҭааҩцәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшраз атәы.
Ахьҭақәа шааҟалаз амармалташьтә птқәа аҩнқәа рыҩнылара иахьалагаз иаргәамҵуеит Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы.