Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28503-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23370-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Сынтәатәи аԥсшьараамҭа еиԥш даҽа хԥа-ԥшьба шықәса иҟалар, Аԥсны абиуџьетгьы ауааԥсырагьы рыԥсҭазаара шеиӷьхо агәра ганы сыҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Гагра араион ахадара акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба.
Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа илҳәеит омбудсмен лофис уаанӡа ари ацәажәара рацәа зхылҿиааз аус ахҳәаа занамҭаз.
"Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа ақалақьи Кәачара ақыҭеи руааԥсыра адырра рнаҭоит аремонттә усурақәа ирыхҟьаны ахәаша афымцалашара аиԥҟьарақәа ҟалоит ҳәа.
Ақыҭанхамҩатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра аԥара ззоунажьыз апроектқәа русура шцо агәаҭараз Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа атәыла мрагыларатәи араионқәа дырҭааит. Алҵшәақәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Аԥсны инхо аурыс уаԥшьқәа зеижә рҽеидыркылеит Аԥсны инхо аицџьынџьуаа Ркоординациатә еидгыла ҳәа. Есышықәса дара русура аихшьаалақәа ҟарҵоит, раԥхьаҟатәи рыпланқәа шьақәдыргылоит.
Ашколқәа рыҟны аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу ирзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны, аҵараминистрра аинформациатә маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа, Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа, Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вахтанг Амҷба.
Еиӷьу алшарақәа рымҩаԥгаразы Агәыҳалалратә платформа Tooba 2019 шықәсазы иаԥиҵеит адаӷьысҭан Рамазан Меџьидов. "Ашанеи" апроекти 2019 шықәса раахыс аус еицыруеит.
Александр Гинцбург Гамалеи ицентр аҿы аимҳәеи COVID-19 еицырзеиԥшу алаҵа аус адулара ишалаго азы апланқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин жьҭаара 7 азы 69-тәи иирамш азгәеиҭоит.
2021 шықәса хәажәкыра 30 аҟынтә Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аԥсны акриптавалиута арҳаразы аусура аҿҳәара аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа.
Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Нарсоу Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит араион аҟны адгьыл ахархәареи ашәахтәқәеи рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Ақыҭаҿ афымцалашара арцәара аҭыԥантәи астанциа маҷ аҿы имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәалоуп.
Урыстәыла ахада идҵала жьҭаарамза ахԥатәи амҽыша Аб имш азгәарҭалоит. Абри арыцхә азы Tvil.ru абацәа рхәыҷқәа рыманы рыԥсы ршьарц ахьырҭаху аҭыԥқәа алнакааит.
2021 шықәса жәымзтәи арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа миллиардки 954 нызқьмааҭ ҟалеит.