Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28780-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23813-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Сҭампыл ақалақь, Мармаратәи ауниверситет апрофессор Бераҭ Иашьар-иԥҳа Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит даныхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа аара дшазгәышьуаз, аха уи агәҭыха аибашьра ишарлашьцаз.
Очамчыра араион Кындыӷи Аракьыҽыи иҟоу аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иатәу аӡахәарҭрақәа напхгара рызҭо Рафаель Оҭырба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иарбан жьы хкқәоу аус здыруло, сынтәа шаҟа гектар ажь еиҭарҳаз.
Абџьар аныҟәгашьеи, ахархәашьеи, ахатә ԥҟарақәеи ирызкуп Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа иахьатәи лматериал.
Жьҭаара 9 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт.
29 шықәса ҵуеит апоет Таиф Аџьба Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагамҭазы жьҭаара 9, 1992 шықәсазы ақырҭуа аруаа иҩны ддәылганы дыргеижьҭеи, иахьа уажәраанӡа апоет илахьынҵа еилкаам.
Жьҭаарамза 9 азы 60 шықәса ихыҵит аҵарауаҩ, археолог Гарри Сангәлиа. Аиубилиар арадио Sputnik аефираҿы еиҭеиҳәеит иирамш дшазыҟоу, 60 шықәса ирылагӡаны дзыхьӡаз рҟынтәи иаликаауа, насгьы гәҭакқәас имоу.
Жьҭаара 11 рзы Уфа имҩаԥысуа абокс ахәылԥаз далахәуп Харитон Агрба, ақәгылара мҩаԥгахоит Башкортостан Ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.