Аепидемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27948-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 22805-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 419-ҩык.
Сақариатәи ауниверситет апрофессор, аекономист, анаукатә усумҭақәа равтор Сима Агрԥҳа иахьа Ҭырқәтәыла хьӡи-ԥшеи змоу еицырдыруа ҳџьынџьуаа рыгәҭа дгылоуп. Аԥсуа ԥҳәыс лырҿиаратә мҩа абеиареи лҭаацәаратә ҭоурыхи ирызкуп ишәыдаагало анаҩстәи анҵамҭа.
Краснодартәи атәылаҿацә Кабардинка аҳаблаҿы имҩаԥысит аҭҵаарадырратә форум "Нхыҵ Кавказ акультуратә ҭынха амилаҭбжьаратә еиқәшаҳаҭра ахыҵхырҭа аҳасабала". Уи алҵшәақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит афорум иалахәыз Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа.
Аԥсуа традициатә маҭәақәа реихшашьа атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
"Аԥсуа аԥхьаҩцәеи, арадиозыӡырҩцәеи, ателехәаԥшцәеи рзы иҳалҳаршоит лассы-лассы ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла излахәу ахҭысқәа арылацәажәара, ҳарзааҭгылоит Аԥсны иадҳәалоу аҭоурыхқәа".
Ашәахьа жьҭаара 4 азы Жәлар Реизара адепутатцәа ҩаԥхьа аилатәара мҩаԥыргоит адепутати, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аҭыԥ змаз аимак аилыргаразы.
Ахәыҷқәа рааӡараҿы аҵарадырратә технологиақәа ирызку арҵаҩцәа рзы асеминар мҩаԥысит Пицунда. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ироуз аԥышәа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәатәи 15-тәи абжьаратә школ афизика арҵаҩы Зурида Кәарҷиаԥҳа.
Асахьаҭыхыҩ Архип Лабахәуа раԥхьаӡа акәны идирбоит ихатәы атеатркьанџьа аспектакльқәа хԥа.
Шықәсык инацны ицоз аԥсуа-ақырҭуатә еибашьра игәалашәарақәа рҿы ишаанхаз атәы дазааҭгылоит, апоет ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Урыстәылаҟа уажәтәи ицара жәынтәуп. Уи аԥхьа дыҟан ԥхынгәымзазы.
Аԥсны абжьаратә школқәа рҟны арҵаҩцәа разымхара азҵаара, урҭ разыҟаҵара атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ААУ апедагогика акафедра аиҳабы, апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа.
"Динамо боксинг промоушен" еиҿнакаауа абокс азы апрофессионалтә турнир мҩаԥысуеит Уфа, жьҭаара 11 рзы.
Ашықәс иалагазар аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысхьеит 1,9 миллион транспорт хархәагеи 9 миллионҩык ауааԥсыреи.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агәашәқәа раԥхьа иԥшаан 5.45 зкалибр ыҟаз иҭырҟьаз автомат аџьазцәақәа ҩажәа.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27848 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22680 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 417-ҩык.