Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28932 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 24067 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 425-ҩык.
"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" реилахәыра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу, уи ԥырхага азҭо мзызсқәас иҟоу.
Иахьатәи аамҭазгьы иӷәӷәоу ар ауп ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо.
Аконференциахь иааит 250-ҩык рҟынӡа Урыстәыла иҟоу амашәыр-еиқәырхаратә маҵзурақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәеи ркомандирцәеи.
Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник, Аԥсны Афырхаҵа Владимир Ануа атәыла Арбџьармчқәа рымш аҽны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа ар аԥҵара шыҟалаз, аҭынч ԥсҭазаараҿы рҿаԥхьа хыдҵас иқәгылоуи ртәы.
Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, ақыҭа абыргцәа рхеилак ахаҭарнаки Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит ҩ-сааҭк инареиҳаны, Аҟәа, жьҭаара 11 азы.
Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, ақыҭа абыргцәа реидгыла ахаҭарнакцәеи Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, жьҭаара 11 азы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит жьҭаара 8 азы.
Изаамҭанытәим Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 11 азы. Аилатәараҿы абиуџьет аиҭакрақәа азҵаарагь иалацәажәан.
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
Атуристтә еилахәыра "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳаи Аԥсны асасааирҭақәа рхеилак аиҳабы Асҭамыр Ахбеи арадио Sputnik аефир аҿы аԥхынтәи атуристә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Жьҭаара 4 азы Аӡҩыбжьа ақыҭа ауааԥсыра Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит Дбар иусура дамхызарц. Ауаа еимыҵит аусҭҵаараԥхьатә уснагӡатәқәа рылҵшәа ҟалаанӡа ҳәа.
Апрокуратура хада цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы астанциа маҷ "Аҟәа-1" сааҭқәак ирцәахоит.
Ҷлоу ақыҭан инхо Како Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит инапы злаку аус, уи ахныҟәгараҿы цхыраарас инаҭо атәы.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵан аибашьра аилашыкьымҭазы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иалыршахеит иҳақәлаз аӷа иҿагылоз арбџьармчқәа раԥҵара.
2022 шықәса лаҵара 1 инаркны атуристә аԥхараныҟәаӷба "Грифон" Шәачантәи Аҟәаҟа иаалоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ аҭыԥ рыман ауаажәларратә хцәажәара ду цәырызгаз ахҭысқәа, урҭ иреиуоуп амилициа аусзуҩцәеи адепутати, аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак-аиҿак, ахҭыс агәҭынчымра зызцәырнагаз ауааԥсыра Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит.